"Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" Гәылрыԥшь араион иқәынхо аҭаацәарақәа ацхыраара рнаҭеит

Афатәқәеи иара убас абзазаратә химиеи раҳасабала ацхыраара рыҭан Гәылрыԥшь араион иқәынхо, ахшарарацәа змоу, змазаратә ҭагылазаашьа хьысҳау, иара убас зхала инхо аҭаацәарақәа. Зыӡбахә ҳәоу агәыҳалалратә акциа мҩаԥган аҭыԥантәи аволонтиортә команда -"Агәы разы" аԥшьгарала. Урҭ "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" ахь ацхырааразы аҳәара ҟарҵеит. Иахьа ари ацхыраара нашьҭын аҭаацәарақәа рахь. Ҳаицхырааноуп еиуеиԥшым аԥынгылақәа риааира злаҳалшо.

Subscribe to Syndicate