Зылшарақәа ҧку ахәыҷқәа ргәабзиара аиӷьтәразы аҳәынҭқарратә центр ацхыраара аҭоуп

Ауаажәлааратә еиҿкаара « Жәларбжьаратәи афонд  Аҧсны» аспонсорцәа ируаку анаплакы «Бета-Медикал», Виалета Гагәылиаҧҳа напхгара зылҭо, Аҟәа ақалақь иҟоу  зылшарақәа ҧку  ахәыҷқәа ргәабзиара аиӷьтәразы аҳәынҭқарратә  центр ацхыраара азыҟанаҵеит. 330 цыра аортопедиатә хчқәа аинвалидцәа  рзы ацентр ҳамҭас ианаҭеит.

Виалета Гагәылиаҧҳа, ҭабуп ҳәа ралҳәеит афонд ахаҭарнакцәа ас еиҧш  еиҿыркааз ацхырааразы. Аиҧылараҟны иазгәаҭан ареабилитациатә центри, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсныи» аҧхьаҟа аусеицуразы аиқәышаҳаҭра шрыбжьарҵо. Афонд ахада Сенер Гогәуа ишиҳәаз ала, зылшарақәа ҧку  ахәыҷқәа ргәабзиара аиӷьтәразы аҳәынҭқарратә  центр аринахысгьы, афонд ахьӡала аматериалтәи афинанстә цхыраареи аҭахоит.

Subscribe to Syndicate